Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ имшира идиныҳәалеит

Алексеи Двинианин 2018 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны Аҳәынҭқаррахь Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩыс даашьҭын.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин имшира идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Шәара шәымчхара, шәыпрофессионализм, шәус гәык-ԥсык ала азыҟазаара ҳәынҭқарратә усзуҩ дук, аԥышәа змоу дипломатк иакәны шәшыҟоу аадырԥшуеит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Ахада иазгәеиҭеит Двинианин зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа реиӷьтәразы алшамҭа дуқәа шамоу.

Бжьаниа адипломат изеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, инапы злаку адипломатиатә ус аҿы ақәҿиарақәа.