Бжьаниа Гәдоуҭа араион ахадас Боџьгәуа икандидатура еиҭа инаишьҭит

Гәдоуҭа араионтә еизара адепутатцәа Баграт Боџьгәуа араион ахадас дшьақәыдмырӷәӷәеит ажьырныҳәа 29 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи араионтә еизарахь ашәҟәқәа неишьҭит араион ахадас Баграт Боџьгәуа икандидатура ахәаԥшразы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала адокумент анапы аҵаҩын жәабран 26 рзы.

Баграт Боџьгәуа Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа дҟаҵан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала 2020 шықәса, лаҵарамзазы. Боџьгәуа ари аҭыԥ аҿы диԥсахит Руслан Ладариа.

Гәдоуҭа араионтә еизара адепутатцәа Боџьгәуа араион ахадас дшьақәыдмырӷәӷәеит ажьырныҳәа 29 азтәи реилатәараҿы. Уи азы бжьык игхеит.

Гәдоуҭа араионтә еизара адепутатцәа Боџьгәуа араион ахадас дшьақәыдмырӷәӷәеит

Аконституциатә процедура инақәыршәаны атәыла ахада азин имоуп 30 мшы рыҩныҵҟа аҽазныкгьы Боџьгәуа икандидатура адепутатцәа ирыдигалар, мамзаргьы аҽа кандидатурак рыдигалар.

Аизараҿы ақалақь, араион ахадас зыӡбахә ҳәо икандидатура рыдрымкылар, атәыла ахада азин имоуп аамҭала анапынҵақәа назыгӡо иаҭара.

Араион, Аҟәа ақалақь, аҳабла, ақыҭа ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, 30 шықәса ирҭысхьоу, 5 шықәса еиҵамкәа аџьатә ԥышәа змоу.