Арадио

Гәбаз аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рзы: активра ӷәӷәоуп

Гәдоуҭа араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Лавренти Гәбаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рыҽшырзыҟарҵо атәы.
Sputnik
Гәбаз аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рзы: активра ӷәӷәоуп

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 11 рзы. Хәажәкыра ҩба рзы акандидатцәа рҭаҩра иалагеит.

"Гәдоуҭа араион аҟны алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 29 ыҟоуп, ус анакәха 29-ҩык араионтә еизарахь адепутатцәа алхтәуп. Иара убас ақыҭақәа зегьы рҟны имҩаԥысуеит аҭыԥантәи ахадарақәа рахь адепутатцәа ралхра. Афон ҿыц ақалақьтә еизарахь 9-ҩык ралхра еиҿкаахоит. Аԥҟаԥҵәа анҭыжьха ашьҭахь 10 мш алхратә ҭыԥ хадақәеи акомиссиақәеи реиҿкаара мҩаԥаагон. Иахьазы араион аҟны акомиссиақәа зегьы еиҿкаауп. Иахьазы араионтә алхратә комиссиахь аԥшьгаратә гәыԥқәа инаргахьеит 14 –ҩык ркандидатурақәа. Алхыҩцәа рнапынҵақәа реизгаразы ашәҟәқәа раҳҭеит. Хәажәкыра 20-нӡа аҿҳәара рымоуп. Алхыҩцәа 50 иреиҵамкәа, 70 иреиҳамкәа алхыҩцәа рнапынҵа аҭахуп акандидатура ишақәшаҳаҭу ала. Иахьанатә иубаратәы иҟоуп даара активра шыӷәӷәоу. Уажәнатәгьы алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны ҩыџьа ахьықәгылоу ыҟоуп, хҩыкгьы рыӡбахә ахьҳәоу. Излазбо ала кандидатк имацара дҟалап ҳәа сгәы иаанагом", - иҳәеит Гәбаз.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара уҩас шәаԥхьар ҟалоит: