Ахра Аҩӡба мызкы ҭакрала ихигарц азы азыӡба аднакылеит ақалақьтә ӡбарҭа

Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи хәҩык иҩызцәеи аанкылан хәажәкыра 4 рзы, дара ирхарарҵоит заанаҵ еибыҳәаны изакәанымкәа абџьар ахьырҵәахуаз.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахра Аҩӡба мызкы ҭакрала ихигарц азы азыӡба аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа.

Ахра Аҩӡба дзыхьчоз руаӡәк иганахьала аӡбамҭа рыдыркылеит

Адукат Инга Габилаиа илҳәеит Иреиҳау Аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ шыналышьҭуа атәы. Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ашшыԥхьыз хымш рыҩнуҵҟа иахәаԥшраны иҟоуп.

Ахра Аҩӡба дымлашьлоит. Габилаиа илҳәеит амедусҳәарҭахь рахь аҳәара шыҟалҵо ззынқәа лыхьчо игәабзиара гәарҭарц.

Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи иҩызцәа хәҩыки аанкылан хәажәкыра 4 рзы. Аԥсны ААР АШәМ аусзуҩцәа иҩны аҩныҵҟа аԥшаарақәа мҩаԥыргеит, иаадырԥшит абџьари аџьаԥҳани.