Аслан Бжьаниа Урыстәылантәи дхынҳәит изаамҭанытәиу амедицинатә гәаҭара дахысны

Амҽыша, хәажәкырамза 7 рзы Атәыла ахада иахь инеирц шырҭахыз азы аҳәамҭа ҟарҵахьан АШәМ аҟны иаанкылоу, Бжьаниа уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба иуацәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Урыстәылантәи дхынҳәит изаамҭанытәиу амедицинатә гәаҭара дахысны, абри атәы аалыцҳаит ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Марианна Кәыҵниаԥҳа.

Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа дышцаз азы адырра ҟаҵан хәажәкыра 3 рзы.

Иахьа Атәыла ахада иахь инеирц шырҭахыз азы аҳәамҭа ҟарҵахьан АШәМ аҟны иаанкылоу, Бжьаниа уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба иуацәа.