Аԥсны апрокурор хада азин ҟаиҵеит Ахра Аҩӡба иганахьала ашьаус ахацыркразы

Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи хәҩык иҩызцәеи аанкылан хәажәкыра 4 рзы, дара ирхарарҵоит заанаҵ еибыҳәаны изакәанымкәа абџьар ахьырҵәахуаз.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба азин инапы аҵаҩит Ахра Аҩӡба иганахьала ашьаус ахацыркразы, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит апрокуратура хадаҟны.

Ахра Аҩӡба идукат илҳәеит иара харас идырҵо

Аҩӡба ахара идырҵоит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 ала - гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәаны изакәанымкәа абџьар ахьырҵәахуаз азы. Ари ихьанҭоу закәанеилагароуп, уи азы ҩышықәса инаркны фышықәсанӡа уқәҵаны уҭаркыр ҟалоит.

Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи иҩызцәа хәҩыки аанкылан хәажәкыра 4 рзы. Аԥсны ААР АШәМ аусзуҩцәа иҩны аҩныҵҟа аԥшаарақәа мҩаԥыргеит, иаадырԥшит абџьари аџьаԥҳани.