Авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" иамаз аԥхасҭа аарԥшны иаԥырҟәҟәаауп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылантәи дшааз еиԥшҵәҟьа атәыла аиҳабыра алархәны аилатәара мҩаԥигеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" Қырҭтәыла иахьалсуа иҟалаз аԥхасҭа аҭыԥ аарԥшны иаԥырҟәҟәаауп, уажәтәи аамҭазы ацәаҳәақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа цоит, абри атәы лҳәеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аилатәараҿы.

Аҟазауаа авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" иахьахаԥрааз аԥхасҭа рымбеит

Аслан Бжьаниа Урыстәылантәи дшааз еиԥшҵәҟьа атәыла аиҳабыра алархәны аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Озган ахада изеиҭалҳәеит авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" авариа иахҟьаны афымцалашара аиуразы атәылаҟны иҟоу аҭагылазаашьа атәы. "Амшынеиқәафымцамч" ахаҭарнакцәа вертолиотла авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" аԥсуа хәҭа иахьаҵанакуа авариа ахьыҟалаз аԥшааразы ишахыԥрааз лҳәеит. Аԥсны иахьалсуаз ԥхасҭа ҳәа акгьы рымбеит.

Аамҭала Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба еиҭеиҳәеит акоронавирус аламырҵәаразы иҟаҵоу аусқәа ртәы, аоперштаб аиалатәаразы аҽазыҟаҵарақәа шцо, иара убас иҳәеит 2021 шықәсазтәи атәыла абиуџьет адкыларазы адепутатцәеи иареи рыбжьара аконсультациатә еицәажәарақәа шцо.

Аслан Бжьаниа изаамҭанытәиу амедицинатә гәаҭара ахысразы Урыстәыла дыҟан хәажәкыра 3 инаркны 7-нӡа.