Мадуро иԥҳәыси иареи акоронавирус аҟынтә урыстәылатәи алаҵа ҟарҵеит

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" акоронавирустә инфекциаҟынтә ахьчара алзыршо акәны иҟоуп. Иара ашәҟәы иҭаргалахьеит адунеи 20 тәыла, Венесуелагьы налаҵаны.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Венесуела ахада Николас Мадурои иԥҳәыс Силиа Флореси акоронавирус аҟынтә урыстәылатәи ахыхьчагатә лаҵа ҟарҵеит, аанацҳауеит РИА Новости ахада Twitter иазхьаԥшны.

Алаҵа "Спутник V" ахәԥса ладырҟәит

"Сыжәлар рҿаԥхьа исҳәаз сажәа насыгӡоит... Раԥхьатәи сдоза, алаҵа ҟасҵеит", - иҳәеит Мадуро.

"Иҭабуп" ҳәа ахиҳәааит урыс бызшәала.

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" акоронавирустә инфекциаҟынтә ахьчара алзыршо акәны иҟоуп. Иара ашәҟәы иҭаргалахьеит адунеи 20 тәыла, Венесуелагьы налаҵаны.

Акоронавирус ахҽразы иҟарҵо алаҵа "Спутник V" аԥҵан Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз лаҵахеит, иаԥҵан ауаҩытәыҩса иаденовирустә вектор аплатформаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: