Алаҵа "Спутник V" ахәԥса ладырҟәит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШприц и ампула на фоне логотипа "Спутник V".
Шприц и ампула на фоне логотипа Спутник V. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Анапаҵаҩра
Ахәԥса аларҟәра алшеит ааглыхратә технологиа аоптимизациа азуралеи иара ахышәаҵышәа аизырҳаралеи.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵа "Спутник V"ахәԥса еиҭанакит ҳәа аарыцҳауеит аиҳабыра рыпресс-маҵзураҿы.

Раԥхьатәи урыстәылатәи алаҵа 1942 мааҭ иаԥсан, уажәы — 866 мааҭи 81 копеи иаԥсоуп ахәԥсатә шәахцҵа аламҵакәа. Ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистр Денис Мантуров иазгәеиҭеит иҭаҩу ахәԥса урыстәылатәи аҳәынҭқарратә имуннизациатә программа мацара ишаҵанакуа.

Акоронавирус ахҽразы иҟарҵо алаҵа "Спутник V" аԥҵан Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз лаҵахеит, иаԥҵан ауаҩытәыҩса иаденовирустә вектор аплатформаҿы.

В Казахстане началось производство вакцины Sputnik V - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2021
Bloomberg "Спутник V" урыстәылатәи аҭҵаарадырраҿы еихьӡара дууп ҳәа ахнаҳәааит

Аҭҵаарадырратә журнал Lancet уаанӡа иакьыԥхьхьан "Спутник V" аклиникатә ҭҵаарақәа ахԥатәи рфаза алҵшәақәа. Иагьаарԥшын иара ашәарҭадара. III аклиникатә ҭҵаарақәа рҿы иаарԥшын "Спутник V" хра аманы ишыҟоу, ашәарҭадара 91,6% шартәо.

Урыстәыла адагьы алаҵа ибзиоуп ҳәа ахырҳәаахьеит: Белоруссиа, Аргентина, Боливиа, Сербиа, Алжир, Палестина, Венесуела, Парагваи, Туркмениа, Венгриа, ОАЕ, Иран, Ареспублика Гвинеиа, Тунис, Ермантәыла, Мексика, Никарагуа, Ареспублика Сербскаиа, Ливан, Мианма, Пакистан, Монголиа, Бахреин, Черногориа, Сент-Винсенти Гренадины, Ҟазахстан, Узбекистан, Габон, Сан-Марино, Гандурас, Египет.

Аԥсныҟа алаҵа "Спутник V" аара иазыԥшуп жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0