Арадио

"Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп": Сақаниа ақыҭа абзазашьеи аҿиареи ирызкны

Лыхны ақыҭа анхаҩы, Гәдоуҭатәи амашьына-трактортә станциа аиҳабы Лавренти Сақаниа арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп" аҟны еиҭеиҳәеит аԥсуа қыҭақәа иахьатәи рыбзазашьеи, урҭ рырҿиаразы иаҭахны ҳәа ииԥхьаӡои ртәы.
Sputnik
"Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп": Сақаниа ақыҭа абзазашьеи аҿиареи ирызкны

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: