Аҟәа абанк иақәлан идырҳәит

Аҭыԥ аҟны аус руеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, уажәы абанк аусзуҩцәа рҿахәы рҿырхуеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. "Амра-Банк" аҟәатәи аофис-цҵа аҟны арҳәра ҟалеит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы.

Абанк аусзуҩцәа ишырҳәо ала, хҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абанк иҩналеит. Аԥара дәылыргеит. Макьаназ еилкаам иргаз аԥара заҟа ыҟоу.

Аҭыԥ аҟны аус руеит Аԥсны ААР аусзуҩцәа, абанк аусзуҩцәа рҿахәы рҿырхуеит.

Аҟәа абанк иақәлан идырҳәит

Ааигәатәи ахыбраҿ аус зуаз ирҳәеит ахысыбжьқәа шраҳаз, аха урҭ петардоуп ҳәа ишыршьаз. Адәахьы иандәылҵ, аилаҩеиласрала мҩатә машәырк ҟалаз џьыршьеит. Абџьар зкыз, асабрада зҿаз ҳәа уаҩ дрымбеит уи аамҭазы.