Гогәуаԥҳа Тҟәарчал COVID-19 азы: ачымазцәагьы ҳаргьы ҳаԥсы еиваҳгеит
© Sputnik
"Ҳраион аҿы ачымазара цәырҵижьҭеи ишьақәырӷәӷәаны иара зыхьуа ҳәа 600-ҩык инархысны иаарԥшуп. Ԥхынҷкәынмзазы иааҳартыз ахәышәтәырҭа аҟәшаҿы ари аамҭа иалагӡаны 200-ҩык инареиҳауп иаднакылахьоу. Уажәтәи аамҭазы иаҳа уԥсы угартә иҟалеит, даара имаҷҩуп ҳаҟәшаҿы ишьҭоу, иааиуагьы маҷхеит. Ҳаԥсы еиваҳгеит ачымазцәагьы ҳаргьы. Даара аамҭа цәгьа ҳхаҳгеит. Ахәышәтәырҭаҿы хәшәык ҳамамкәа ҳгәаҟуа аамҭа ыҟамызт", - ҳәа азгәалҭеит Гогәуаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.