Адгәыр Арӡынба: аоппозициа аҳәынҭқарратә мчра мчыла ахҳәара рыгәҭакым

Иахьа Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" Аслан Бжьаниа ихала имаҵура аанижьырц, Апарламентгьы алхра ҿыцқәа ррыцхә азгәарҭарц рыдыргалеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аоппозициа аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара рыгәҭакым ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит "Аԥсуа жәлар рхеидкыла" анапхгаҩы, аԥыхьатәи аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба "Аруаа" реизараҿы.

Иара оумашәа ибоит ахада Иусбарҭахь азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа ахьадыԥхьалоу.

"Амчра мцҳәарыла знапахьы иаазгаз уи рымпыҵԥшшар ҳәа ишацәшәо унарбоит имҩаԥысуа зегьы. Ҳара аҿиара ҳҭахуп, аха убри аан иаабом уи алзыршаша программак, концепциак, жәалагалак, идеиак, реформак. Анапхгара иртезис хаданы иҟоу акоуп - амчрахь инеиижьҭеи шықәсык мацара акәу шыҵуа, апандемиагьы шырԥырхагахаз, аха ари узлацәажәаша ракәым", - ҳәа иҳәоит иара.

Аԥшьаша, хәажәкыра 11 рзы Аҟәа ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара ду мҩаԥысит атәылаҿ иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәаразы. Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" Аслан Бжьаниа ихала имаҵура аанижьырц, Апарламентгьы алхра ҿыцқәа ррыцхә азгәарҭарц рыдыргалеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: