Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа ахьеизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит

200-ҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа иахьа еизеит ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа ахада адгылара ширҭо аарԥшразы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иеизаз рахь дцәырҵны, иҟарҵаз адгыларазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп шәхымҩаԥгашьазы. Сгәыӷуеит ҳтәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҳра руа иҟаҳҵап ҳәа Урыстәылеи ҳареи ҳусеицурала", - ҳәа иҳәеит иара.

200-ҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа иахьа еизеит ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа ахада адгылара ширҭо аарԥшразы. Иара убри аамҭазы, хәажәкыра 11 рзы Аҟәа ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара ду мҩаԥысуан атәылаҿ иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: