Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Ахԥҳа Вадим Бжьаниа изкны
© Sputnik
Аҵарауаҩ, археолог Вадим Бжьаниа март 11 даниз амш ауп. Иԥсы ҭазҭгьы, иара ихыҵуазаарын 87 шықәса.
Аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩы Диана Ахԥҳа арадиоефир аҿы илгәалалыршәеит раԥхьаӡа акәны Вадим Бжьаниеи лареи реиқәшәара шыҟалаз атәы. Илҳәеит археологцәа ҿарацәа реиҵааӡараҿы илагала атәы. Иара ииааӡаз иреиуоуп ҳархеологцәа - Алик Габелиа, Аркади Џьопуа, Руслан Барцыц, Гарри Сангәлиа, Мушьни Хәарцкиа уҳәа хәа азгәалҭеит Ахԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Џьапуа Вадим Бжьаниа изкны: иҟамзаара ҳныԥшуеит, дзыԥсахуагьы дыҟам