Ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" ажәбатәи аизара ду аатит Аҟәа

Аԥшьаша, хәажәкыра 11 рзы Аҟәа ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара ду мҩаԥысуеит атәылаҿ иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәаразы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" ажәбатәи аизара ду аатит Аҟәа ҳәа аҭыԥ аҟынтәи адырра ҟаиҵоит Sputnik акорреспондент. Аизара иалахәуп быжьшәҩык рҟынӡа.

Аизара ааиртит аиҿкаара ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, иара "Аруаа" Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Ҭемыр Надараиа аизара мҩаԥигарц аҳәара ҟаиҵеит.

Аизара амшхәаԥштә аҿы иҟоуп атәылаҿ ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәара азҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: