"Аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа иадзыԥхьало еиҳарак аԥхарра, ацитрустә шәырқәа, атәыла аекологиатә ҭагылазаашьа ауп. Араҟа ақалақьқәа дуӡам. Дара шьапылагьы урылсыр ҟалоит. Атуристцәа зҭааша аҭыԥқәа рацәоуп. Заатәи аҿаҵарақәа рзы араион аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу ала макьана еизгоу аинформациа ыҟам, аха 2020 шықәсазы асасааирҭақәа рҿы нанҳәамза акы инаркны рыԥсы ршьеит 64 589-ҩык. Ари маҷым. Сынтәа аҳәаа аартуп, сгәы иаанагоит ари ахыԥхьаӡара ҩынтә-хынтә еиҳахап ҳәа. Асасааирҭақәа зтәу ҳанрацәажәогьы ирҳәоит сынтәа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳахоит ҳәа. Аԥхын асасааирҭақәа рыхәқәа хәыҷык ирыцлар алшоит. Уи егьырҭ атәылақәа рахь аҳәаақәа ахьарку азы акәым, иара аамҭа ахатә ԥҟарақәа амоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бганба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аексперт: Аԥсны абиуџьет азы ихәарҭахоит ашықәс зегьы иалагӡаны апутиовкақәа рҭилар