Гәылариа еиҭеиҳәеит аԥсуа тәанчахәи ацхыраагӡақәеи зныкала зегьы изеицырмоуа
© Sputnik
"Атәанчахәы ашәара мызкы ҳагхоит. Ҭагалан аахыс дҵас иҳамоуп ацхыраагӡақәеи атәанчахәи раԥхьа инаргылан ахымхәацәа, актәи, аҩбатәи агәыԥқәа уҳәа еиуеиԥшым акатегориақәа ирзаҳшәаларц. Ҳалагоит Аҟәеи Аҟәа араиони рыла, анаҩс Тҟәарчал, нас Очамчыра, Гәдоуҭа араионқәа уҳәа доусы дара раамҭа рымоуп. Уажәы жәабранмзазтәи атәанчахәы арыцхә хԥа рзы (хәажәкырамзазы - аред.) иаҳшәеит Аҟәа ақалақь, март 4 рзы Аҟәа араиони Тҟәарчали, абас Гәылрыԥшь араион аҟынӡа ҳаннеилак, егьырҭ акатегориақәа рахь ҳаиасуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәылариа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсуа тәанчахәқәа абанкоматқәа рҿы рамхра ҟало иалагоит