Афымцамчхархәара иахьацлаз иахҟьаны Аҟәа алашаразы аԥкрақәа алагалоуп

Иҟоу ақәыӷәӷәарақәа ирыхҟьаны иалагалоу афымцалашара арцәара аграфик иаҵаркхеит Аҟәа агәы, Араион ҿыц, Гәымсҭа амассив.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Афымцамчхархәара иахьацлаз иахҟьаны Аҟәа аԥкрақәа алагалоуп. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит СУЕС адиспетчертә маҵзура аиҳабы Гарри Багаҭелиа.

"Аҟәа-1", "Аҟәа-2" атрансформатор хадаҿы аԥкрақәа алагалоуп. Афымцацәаҳәақәа реидара хьанҭоуп. Алашара ырцәан Ареспубликатә хәышәтәырҭа, Аботаникатә баҳча, Араион ҿыц, аџьармыкьа иахьаҵанакуа, амассив араион", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа, иагьазгәеиҭеит усеиԥш ҟарымҵар, атрансформатор блыр шалшо.

Багаҭелиа иҳәеит астанциа маҷ "Синоп" ацәаҳәақәа рыхьанҭара анорма ишахымыҳәҳәо, убри азы уа аԥкрақәа шалагалам.

Аграфик макьана ишьақәырӷәӷәам. Аԥкрақәа аанхоит ауадаҩрақәа ыҟанаҵы.