АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә камертә оркестр аконцерт "Хашҭра рықәымзааит Аԥсны афырхацәа" мҩаԥысраны иҟоуп Самсон Ҷанба ихьӡ зху Адраматә театр афоие аҟны хәажәкыра 15 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Акультура аминистрра асаит.
Аконцерт иалагоит асааҭ 18:30 рзы.
1993 шықәса хәажәкыра 15-16 рзтәи ажәыларатә операциаан иҭахази аибашьцәа зегьи ргәалашәара иазкуп ауснагӡатә.
Аконцерт апрограммаҿ иҟоуп Иоганн Бах, Макс Брух, Франц Шуберт, Херардо Родригес рырҿиамҭақәа. Иҟоуп раԥхьаӡа акәны Аԥсны инагӡахо.
Аԥсны аҳәынҭқарратә камертә оркестр адирижиор хада, асахьаркыратә напхгаҩы Давид Терзиан дирижиорра иуеит, аконцерт асолистцәа - Нана Черқьезиаԥҳа, Владлен Ованесианц, Александр Аҩӡба, Мариа-Емилиа Терзиан-Ҳагба, Елена Ҳагԥҳа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны акультуратә усҳәарҭақәа русура хацдыркыр алшоит