Акоронавирус зцәа иалаз ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13041-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12507-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 204-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 160-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 17-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Хәажәкыра 11 рзы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 68 шықәса зхыҵуаз апациентка. Лара акоронавирустә инфекциа ҿыц адиагнози ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи лзышьақәырӷәӷәан.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 31-ҩык, урҭ рахьтә 10-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 9-ҩык, ибжьаратәуп - 16-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 15-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит хҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 10-ҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>