Ансамбль "Самырзаҟан" Кремльтәи афестиваль иалахәхоит

Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Европа агәыӷрақәа" ансамбльқәа 30 рҟынӡа алахәын Урыстәылантә, Аԥснынтә, Аҷарантә.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Тҟәарчал араион Гал-хәыҷ ақыҭаҟынтәи ахәыҷтәы вокал-инструменталтә фольклортә ансамбль "Самырзаҟан" Кремль иқәгылараны иҟоуп 2021 шықәса мшаԥымзазы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы Михаил Џьумутиа.

"Шәача имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Европа агәыӷрақәа" ҳалахәын. Авокал аноминациаҿы аиааира аагеит. Ашәақәа ԥшьба – "Аԥсынра", "Салуман ахаҵа", акомпозициа "Ельбрус ԥшӡа", "Бицца бара" наҳагӡеит", - иҳәеит иара.

Џьумутиа иажәақәа рыла, аконцерт хада Кремль, мшаԥы 27 рзы ишымҩаԥысуа. Аколлектив уахь ацара иазыԥшуп, аха аҳәынҭқарра ацхыраарада уи уадаҩуп ҳәа азгәеиҭеит иара. Шәача рыҟазаара ахарџь аҭаацәа рхахьы иргеит.

Михаил Џьумутиа "Самырзаҟан" 1997 шықәсазы иаԥиҵеит. Аколлектив Аԥсни анҭыҵи имҩаԥысуа аицлабрақәеи афестивальқәеи рҟны аԥхьахәқәа ириааихьеит. Иахьазы иара 35-ҩык ахәыҷқәа рыла ишьақәгылоуп.

Гагратәи ансамбль "Афырҭын" Гран-при анаршьеит шәачатәи афестиваль аҿы

Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Европа агәыӷрақәа" 1993 шықәсазы иаԥиҵеит СССР жәлар рартист, ахореограф, абалетмеистер, актиор Махмуд Есамбаев. Уи аахыс афестивальқәеи аицлабрақәеи мҩаԥысуеит Урыстәыла, ЕАА, Аҩадатәи Африка, Европа.

Иара убасгьы Гагратәи ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Афырҭын" Гран-при анашьахеит Шәача имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Европа агәыӷрақәа" аҟны, урҭгьы Кремль иқәгылараны иҟоуп мшаԥымзазы.