Арадио

Аполитолог ахәшьара риҭеит Аԥсны имҩаԥысуаз аҵыхәтәантәи ахҭысқәа

Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны ахәшьара аиҭеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аԥсны ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа, аполитикатә культуразы игәаанагара иҳәеит.
Sputnik

 

Аполитолог ахәшьара риҭеит Аԥсны имҩаԥысуаз аҵыхәтәантәи ахҭысқәа

Аԥшьаша хәажәкыра 11 рзы Аҟәа имҩаԥысит аветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара ду. Уаҟа Аԥсны ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит. "Аруаа" Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала ԥхьатәара дцарц атәы зҳәо арезолиуциа рыдыркылеит. Аизараан аҭагылазаашьа азакәан аҳәаақәа ирҭысыр алшоит ҳәа иҟаз ашәара иахҟьаны, аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәан, уи адагьы еизеит Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа.

 

"Аполитикатә хҭысқәа иҭынчны ианымҩаԥысуа амилаҭ ахдырра ӷәӷәаны иаадырԥшит ҳәа ҳҳәар ҳҭаххоит, аха Аԥсны ауаажәларратә ԥсҭазаара ирацәаны аибарххара ацуп. Убри аҟынтә ашәара ыҟан. Иҳаҩсхьаз ашықәсқәа рзы асеиԥш ахҭысқәа аилаҩынтрақәа рахь ишкылыргоз ҳбахьеит. Уи аганахьала уахәаԥшуазар, иааԥшызар ҟалап аполитикатә культура. Ас еиԥш аибарххарақәа ыҟазаргьы, аиԥыларақәа мҩаԥыслароуп аизыӡырҩратә форма рыманы. Амҩақәа, ашҭақәа рҟынтәи иқәгатәуп аибарххарақәа. Аицәажәарақәа, адискуссиақәа аҩнуҵаҟа иҟалар, ҳаԥсҭазаараҿы иҟоу аполитикатә еибырххарақәа хәҷы-ҳәыҷы иаԥыххон...
Аҵыхәтәаны иҟалаз ахҭысқәа, иҵарны иқәгылаз азҵаарақәа Аԥсны ахада иамихроуп, ҳаԥхьаҟа иӷәӷәаны ақәгыларақәа ҟамларц. Аполитикатә культура аарԥшын, аха уи нагӡахарц, ҳаԥхьаҟа аус дуқәа мҩаԥгатәуп…Идеологиала еиқәымшәозаргьы, аизыӡырҩра аҭыԥ амазароуп, убри ауп аполитикатә культура", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: