Арадио

Мықәба Аԥсны атуризм азы: ҳаԥсабара адагьы, аԥсшьаҩы имаҵ аушьагьы уақәшәароуп

Аԥснытәи ҩ-сасааирҭак рнапхгаҩы Адамыр Мықәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит урыстәылатәи атуроператорцәа рызгәаҭарақәа рыла хыԥхьаӡара рацәала иаараны иҟоу аԥсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазыхиоу, ус еиԥш аныҟала, атурист деиҭахынҳәразы ихадоу факторны иҟоу атәы.
Sputnik
Мықәба Аԥсны атуризм азы: ҳаԥсабара адагьы, аԥсшьаҩы имаҵ аушьагьы уақәшәароуп

"Европа зыԥсы зшьоз аԥсшьаҩцәа раагарҭа иаҳа иҟоуп ҳәа иԥхьаӡан. Дара Аԥсныҟа иааӡомызт, иалырхуан егьырҭ атәылақәа. Убарҭ зегьы абрахь ҳара ҳахь иаар, даара илҵшәа бзиахон. Асасааирҭақәа рымацара азхаӡом, акрыфарҭақәа рхаҭабзиара ҳаракызароуп, мамзар ишааз еиԥш уаҳа иагьыгьежьуам. Атуризм аҿы даара ихадароу, аԥсшьаҩы знык данаа, даҽазныкгьы аара игәаԥхароуп, мамзар, астатистика шықәсык ала иаразнак аҽеиҭанакыр алшоит. Ҳара ҳсасааирҭақәа рҿы иҟоуп ԥхынрак иалагӡаны хынтә-ԥшьынтә иааны зыԥсы зшьогьы, есышықәса ирацәахоит ус еиԥш атуристцәа. Уи зызҳәоу - атурист дааит, иара игәаԥхеит изнеишьа, имаҵура уақәшәеит. Аԥсны ргәаԥхоит, хәыҷык аҽеиҿкаашьа ҳақәшәар, ацқьара ҳахылаԥшыр, зегьы маншәалахоит. Ауаа адунеи иакәшахьеит. Асовет мчраан зегьы арахь акәын иахьаауаз, аха уажәы адунеи зегьы рзы иаартуп, ҳара иҟазшьаны иҳамоуп Аԥсны аиҳа иԥшӡоу тәыла ыҟаӡам ҳәа, аха уи ус иҟам. Аҭыԥ ԥшӡақәа рацәоуп, аха ҳара ҳаԥшӡара ҳхы иархәаны асервис аганахьала ахаҭабзиара ҳаракны иҳазныҟәгар, алҵшәа бзиа ҳауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Мықәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: