Аԥсны акоронавирустә инфекциа 31-ҩык ирыдырбалеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13072-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12520-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 204-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 157-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 31-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 31-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп быжьҩык, ибжьаратәуп - 18-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 15-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит хҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>