Арадио

Кәыҵниаԥҳа Марттәи ажәылара иазку апроект азы: аҿар ирҭахуп аибашьратә хҭысқәа раҳарц

Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы адепартамент аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Марттәи ажәылара иазку апроект шеиҿкаахо атәы.
Sputnik

Хәажәкыра 14 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеии Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы адепартаменти еицымҩаԥыргоит Марттәи ажәылара иазку апроект - аветеранцәеи аҿари реиԥылара.

Кәыҵниаԥҳа Марттәи ажәылара иазку апроект азы: аҿар ирҭахуп аибашьратә хҭысқәа раҳарц

"Аветеранцәеи аҿари реиԥылара азгәаҭоуп, егьырҭ агәалашәаратә рыцхәқәа раангьы, иара аибашьра ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рҿы. Аветеранцәа аҿар ирзеиҭарҳәоит ирыхҭысыз, иҭахаз аибашьцәа ирыдҳәалоу аҭоурых. Аҿар ирҭахуп ари ажәылара иадҳәалоу ахҭысқәа раҳарц. Хаҭала ажәылара иалахәыз ауаҩы аибашьра атәы анузеиҭеиҳәо - уи зынӡа даҽакуп. Убри аҟнытә иҟаҵәҟьаз узеиҭазҳәо апроект аҵак ду амоуп", - азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: