Адоуҳатә ҽеиҭакра: ақьырсианцәа Ачгара Ду иҵалоит

Ачгара Ду - зегьы иреиҳау, насгьы зеилагара ҟамло ҿбаароуп, уи аамҭазы ақьырсиан динхаҵаҩцәа Амшаԥныҳәа аԥылара рҽазыҟарҵоит.
Sputnik

Хәажәкыра 15 инаркны иалагоит ақьырсиан дунеи зегь аҿы Ачгара Ду. Иара 49 мшы иныҟәыргоит. Ачгара хыркәшахоит лаҵарамза 2 рзы.

Sputnik

Ақьырсиан динхаҵара мҩаԥызго зегьы Амшаԥныҳәа ааира ҩынҩажәа мшы шагу Ачгара Ду иҵалоит. Рыцхәла иара есышықәса аҽаԥсахуеит, ианақәшәо еиԥшым, уи амза агыларала ирыԥхьаӡоит: зны изааны жәабран мза инаркны иалагоит, зны - ихьшәаны. Анцәа дхазҵо Ачгара Ду адоуҳатә ааԥынра ҳәа азырҳәоит, избанзар ааԥынразы адунеи аԥсабара зегьы аҽшеиҭанакуа, ишҿыцхо еиԥш Анцәа дхазҵогьы адоуҳатә ҽеиҭакра рҽазыҟарҵоит.

Хәажәкыра – ачгара ду аҵалара

Аҿбаара актәи амчыбжь азы ауҭраҭыхи, ашәыри, ачеи аӡи роуп иуфар иҟало, ахәша злоу акгьы ухы иаурхәар ҟалаӡом. Ачгараан акырӡа аҵанакуеит доуҳалатәи аҽрыцқьарагьы, агәнаҳа ҟауҵар ҟалаӡом.

"Зегьы урзыразхароуп, урнаалароуп. Ачгараан есымша аасҭа ақьиара аарԥшлатәуп, арыцҳацәа акрырҿаҵалатәуп. Ауаҩы дычгеит ҳәа иҩнуҵҟа ацәымӷа аанхар, уи акгьы аанагаӡом",- рҳәоит анцәа дхазҵо, лассы-лассы ауахәама иаҭаауа.

Ачгара Ду ахьӡ захьыӡхаз иара егьырҭ аныҳәа чгарақәа зегь раасҭа иахьдуу ауп. Уи адагьы иара зызкыҵәҟьоу аныҳәа лаша – Амшаԥныҳәоуп.

Ақьырсианцәа зегьы Анцәа игылара рҽазырхиауа уи доуҳала рҽазыҟарҵоит, рҽыдрыцқьоит, рыҽдырӷәӷәоит. Уи ахь дара мҩанызго Ачгара Ду ауп. Абарҭ амшқәа раан дарбанызаалак ақьырсиануаҩ ицәгьа-мыцәгьақәа ркаԥсара иҽазишәоит, иламыс ацқьара даҿызаауеит, аус цқьақәа рымҩаԥгара дашьҭалоит.

Дарбанызаалак Анцәа дхазҵо ауаҩы идыруазароуп ачгара афатә-ажәтә мап рыцәкра аасҭагьы агәнаҳарақәа мап рыцәкра шакәу. Афара-чара мап ацәкра, уи цхыраагӡоуп, ихадароу агәнаҳа ахыхроуп. Уажәа цқьазароуп, уус цқьазароуп, ухәыцрақәа цқьазароуп.

Ачгара актәи амчыбжь азы ауҭраҭыхи, ашәыри, ачеи аӡи роуп иуфар иҟало, ахәша злоу акгьы ухы иаурхәар ҟалаӡом. Ачгара Ду азы акәацгьы ахшлыхгьы рфаӡом азы аишәахь зынӡа инаргаӡом.

Аб Бассариан: аҽынкылара- афатә мацарала акәӡам, уусқәа хылаԥшра рыуҭароуп

Ачгара ду аԥхьатәи амчыбжьи аҵыхәтәантәи амчыбжьи акыр еиԥшуп. Усҟангьы егьысҟангьы акрыфара азин ыҟоуп мышкахьы знык ма ҩынтә. Уигьы маҷ-маҷ. Иара убри аан Ахәаша дуи Агәаҟҵәаҟра сабшеи рзы ҽынла зынӡаск акрыфара ҟалом. Ачгараан акырӡа аҵанакуеит доуҳалатәи аҽрыцқьарагьы, агәнаҳа ҟауҵар ҟалаӡом. Ауаҩы дычгеит ҳәа иҩнуҵҟа ацәымӷра аанхар, уи акгьы аанагаӡом.

Агәаҟҵәаҟра мчыбжьы иара убасгьы Амчыбжь ду ҳәа иашьҭоуп. Ашәахьа ду аан дыргәаладыршәоит апатриарх Иосиф, Аҩаша ду аан иргәаладыршәоит иаса Қьырса афарисеицәа шаҿаԥиҽыз, Ахаша ду аан — Иуда ичарҳәареи лаӷырӡыла Иаса ишьапшҵақәа зыӡәӡәаз Мариеи, Аԥшьаша ду аан – Ахәылԥ маӡа аантәи ахҭысқәа, Ахәаша ду аан — Иаҳхылаԥшхәы аџьар аҟны ихигаз агәаҟрақәа, асабша ауха анцәахаҵаҩцәа ирызцәырҵуеит агәырӷьара иаша, "Иаса Қьырса дгылеит!" "Ииашахаҭаны дгылеит!" ҳәа еибырҳәоит.

Ақьырсианра ныҟәызго аԥсуаа, Амшаԥныҳәа ауха ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа Анцәаимҵаныҳәара иалахуп, шарԥазынӡа. Амшаԥныҳәа аҽны ачгара иҵаз ичгачысым агьама рбоит, аԥсуаа рҿы уи еиԥш иҟоу чысны иԥхьаӡоуп аилаџьи ахарҵәи, уи ашьҭахь амшаԥы кәтаӷь еимырдоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: