Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

Аԥсны ашьха ссирқәа, амшын ҟәанда, асубтропикатә ҳауа ҟәымшәышә — абарҭ зегьы ҳтәылаҟны ашықәс зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа аҭыхрақәа рымҩаԥгара алдыршоит. Sputnik еиднакылеит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны иҭыхыз акинофильмқәа рсиа маҷ.
Sputnik

Аԥсны акино аҭыхраан шамахамзар адекорациақәа аҭахны иҟаӡам. Адекорациақәа аԥсахуеит иблахкыгоу аԥсабара.

"Аӡын ма аԥхын азыԥшра аҭахны иҟаӡам. Абҵарамзазы иҭухуазаргьы амшын ҟәандуп, аха ашьхарахь асы ықәуп. Ари аусаз даара иманшәалоуп. Уеиҵанархаӡом. Африка уҭахума, Каракум уҭахума – иҭухыр улшоит",- иҳәоит иинтервиуқәа руак аҟны аԥсуа режиссиор Виачеслав Аблоҭиа.

Аԥсны акинемотографистцәа аинтерес рзаҵоуп. Аамҭақәак рзы асовет кино аҭыԥ ҳәагьы азырҳәо иҟалахьан.

"Веселые ребята"

1934 шықәса рзы иҭыхыз афильм "Веселые ребята" раԥхьатәи музыкатә комедиан СССР аҟны. Афильм асоветтә классикатә комедиан иԥхьаӡоуп. Иара, арежиссиор  Григории Александрови акомпозитор Исаак Дунаевскии раԥхьатәи  ркомедиатә ҭыхымҭақәа иреиуоуп. Акартина  СССР еиԥш аҳәаанырцәгьы ирылаҵәеит. Уаҟа иара ахьӡ еиҭакын – "Москва смеется" ҳәа  (англ. Moscow Laughs). Венециа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аҩбатәи акинофестиваль аҟны  афильм ианашьахеит  аԥхьахә, арежессуреи амузыкеи рзы, иагьаҵадыркит  адунеи аҟны иреиӷьу акинолентақәа фба рхыԥхьаӡарахь. Афильм анҭырхуаз ауп ианеибадырыз, уи ашьҭахь иеибагаз арежиссиор Александрови  актриса Лиубов Орловеи.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

Леонид Утиосов напхгара зиҭоз аџьаз-оркестр злахәыз  афильм ҭырхуан Аԥсны, Гагра ақалақь аҟны. Арахәи аԥсасеи аҿырпынбжьы иадыԥхьалан абанкеттә зал иахьыҩнало асцена ҭыхын Сергеи Феодоров идачаҟны. Арахә иаразнакы азал ахь рыҩнагаларазы шьыжьы инаркны аӡы дыдмыржәыцызт. Ажәқәеи аџьмақәеи амебель ахьыцәдырҳәуа асценазы абутафорцәа уи ашьаҳариеи, авермишели, ачази ирылырхит.

"Время счастливых находок"

"Сара аԥхьа сеимдоит исҭаху амаҭәар ҟалар ахьауа, нас иҟамлар ахьауа", — иҳәон Фазиль Искандер ифырхаҵа, Сандрик. Искандер иажәабжьқәа ирылхыз акинофильм  "Время счастливых находок" ҭихит Генрих Габаи, 1969 шықәсазы. Афильм аҭыхрақәа мҩаԥысуан Аԥсны. Иара иалахәын актиорцәа: Софа Агәмааԥҳа, Борис Ципуриа, Зураб Сангәлиа у.у.е. аепизодқәа руак далахәын автор ихаҭагьы. 12 шықәса зхыҵуаз афырхаҵа хада ироль наигӡеит аҟәатәи аҷкәын Гьаргь Ҭаркьыл.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

Иара иаразнак арежиссиор далихит. Абри афильм ашьҭахь Гьаргь Ҭаркьыл изныкымкәа Москваҟа днарыԥхьахьан акино аҟны аҽҭыхразы, аха иҭаацәа ақәшаҳаҭымхеит. Иара иԥсҭазаара ашьапылампал иадиҳәалеит. Афильм аепизодқәа руак аҟны ахәыҷқәа хәмаруеит Аҟәатәи а-3-тәи ашкол ашҭаҟны. Араҟоуп афильм афырхаҵа аҵара ахьиҵо, ароуп аҵара ахьиҵоз ашәҟәы автор Фазиль Искандергьы.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

"Зимний вечер в Гаграх"

Афильм "Мы из джаза" аныҭижь ашьҭахь, арежиссиор Карен Шахназаров игәҭеикит еиҭах аҽа музыкатә комедиак ҭихырц. Мосфильм анапхгара иқәнаргылеит адҵа: аҭыхрақәа аӡын имҩаԥгазароуп ҳәа. Шахназаров иӡбеит афильм асценақәак Аԥсны иҭихырц. Абас иит афильм – "Зимний вечер в Гаграх" ахьӡ.

Аҭыхрақәа мҩаԥысуан 1985 шықәса рзы, аресторан "Гагрыԥшь" аҟны. Аҭыхрақәа раан аресторан ахәҭак адыркуан, егьи ахәҭа аҭааҩцәа рзы иаартын.  Ирацәаҩын артистцәа рбарцаз арахь иааиуаз. Зны, аресторан аҭааҩык, актриса Наталиа Гундарева илзынеиҭиит агәилшәҭшьыҵәрақәа рацәаны. Александр Панкратов-Чеорныи ифырхаҵеи  Евгении Евстегнеев ифырхаҵеи реиԥылара аепизод ҭырхуан асасааирҭа "Гагра" аҟны.

Зегь ирхашҭхьоу степ акәашаҩ Алексеи Беглови иара иԥҳа Алионеи (арт. – Анна Иванова) реиԥылара асцена Гагратәи аколлонадаҟны иҭыхуп.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

"Приключения Шерлока Холмса и доктора Ватсона"

Ахәаԥшцәа бзиа еицырбахьоу афильм "Приключения Шерлока Холмса и доктора Ватсона" еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны иҭырхуан. Аепизодқәа раӷьырак арежиссиор Игор Масленников Санкт-Петербург иҭихит. Аҭыхрақәа мҩаԥысит Латвиа, Естониа, Британиа ду иара убасгьы Аԥсны. Хаҭала, Холмси апрофессор Морриартии реидыслара асцена ҭыхын Гегтәи аӡхыҽҽаҟны.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

"Завещание профессора Доуэля"

Акиностудиа "Ленфильм" иатәу афантастикатә фильм "Завещание профессора Доуэля"  ҭыхын Афон ҿыц. Арежиссиор Леонид Минакер еицырдыруа  аурыс шәҟәыҩҩы Александр Белиаев инаука-фантастикатә роман аекранизациа азиуит 1984 шықәсазы. Асиужет ала аҵарауаҩ акраамҭа игәҭакуп анаӡаӡара апроблема аӡбра. Зны апрофессор хабарда дыӡуеит. Иара иҭҵаарақәа ихы иаирхәарц иӡбоит иҵаҩы.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

"Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным"

Иури Кара ифильм "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным" Фазиль Искандер  ипроза амотивқәа ирылхуп. Сталин ҩ-хаҿык иманы даарԥшуп.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

Актәи аҟны – ақәылаҩ қәыԥш, аҩбатәи аҟны – "ажәлар раб" иакәны даарԥшуп. Афильм ҭыхуп асоцреализм аманерала.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

"Маленький гигант большого секса"

Арежиссиор Николаи Досталь ифильм "Маленький гигант большого секса" Фазиль Искандер иновелла "О, Марат!" ("Сандро из Чегема" ацикл) иалхуп. Асиужет инақәыршәаны акурорттә патреҭҭыхыҩ Марат (Геннадии Хазанов), еиуеиԥшым ахҭысқәа дрыниоит. Руак – Бериа ибзиабаҩԥҳәыси иареи рроман афырхаҵа изы ауадаҩрақәа ацлеит. Бериа ибласаркьа иара уахи-ҽни иблаҿы иаанхеит, дахьцалак ишьҭаны. Афильм аҭыхрақәа мҩаԥысуан Аҟәа, 1991 шықәса рзы.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

"Август. Восьмого"

Аахыҵ Уаԥстәылатәи аибашьра иазкуп афильм "Август. Восьмого". Кавказтәи ареспублика маҷ абырсааҭк ала адунеи зегь зҵазкуа ахҭыс иагәыцәны иҟалеит. Арежиссиор Џьаник Фаизиев иаабац ауаа  рхымҩаԥгашьақәеи рыҩныҵҟатә дунеии рыла иааирԥшуеит итрагедиатәхаз арҭ ахҭысқәа.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

Ари афильм зегь ириааиуа абзиабароуп изызку. Абзиабара хаҭаҵәҟьа зылшо ауаҩ иоуп ашәареи аԥсреи риааира зылшо. Афильм ахәҭа хадақәа рацәаны Аԥсны, ашьхараҟны иҭыхын.

Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра