Сабду иаб игәалашәаразы: Қьефқьен Ҭапагә Жьиба иаҳаҭыр азы азеиҭынҵла еиҭаҳауп

Қьефқьен – Амшын еиқәа ҭырқәтәылатәи аԥшаҳәаҿы XIX ашәышықәсазы аԥсуа-адыга жәлар ахьыӡхыргоз ҭоурыхтә ҭыԥуп. Аратәи аҳаԥқәа атәымдгьыл иқәнагалаз рзы ихыҵакырҭахеит.
Sputnik

Иҳаҩсыз амшқәа рзы, Ҭырқәтәыла, амҳаџьырра аан Аԥснынтәи ахҵәацәа реиҳараҩык ахьӡхыҵуаз Қьефқьен ҳәа изышьҭоу аҭыԥан, еиҭаҳан арҭ аамҭақәа ргәалашәара иазку азеиҭынҵлақәа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Сара хаҭала уахь сзымцазаргьы, аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ Измиҭ (Қоџьаели) ақалақь аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҳасан Қардиа (Џьыџьиԥа) сиҳәеит амҳаџьырра иагаз, аха Аԥсныҟа ахынҳәра зылшаз сабду иаб Ҭапагә Жьиба игәалашәаразгьы жәа-ҵлак сзеиҭеиҳарц. Ус иагьыҟаиҵеит.

Сабду иаб игәалашәаразы: Қьефқьен Ҭапагә Жьиба иаҳаҭыр азы азеиҭынҵла еиҭаҳауп

Амҳаџьырра ашықәсқәа раан Мгәыӡырхәантәи Ҭырқәтәылаҟа иахнагеит сабду иаб Ҭабагә Жьиба иҭаацәеи иареи (иани, иаби, иашьеи, иаб иаҳәшьеи).

Аԥсныҟа ахынҳәразы...

Ҭоурхыла ишаҳдыруа ала, амҳаџьырра иахнагаз наӡаӡа рашьҭахьҟа рымҩақәа адыркон. Аха, сара саб Владимир Жьиба изласзеиҭеиҳәаз ала, иара иабду иаб иԥшәма ԥҳәыси ҩыџьа иԥацәеи иԥҳаи иманы, даҽа гәыԥҩык аԥсуааи Аԥсныҟа ахынҳәра рылшеит. Дара уаҟа хышықәса иҟан.

"Сара сабдуцәа амҳаџьырра аҵыхәтәантәи ацәқәырԥа иақәшәеит. Мгәыӡырхәа ақыҭа иалаланы, мцла анхацәа Ҭырқәтәылаҟа иаарыԥхьон. Шәахьнеиуа адгьылқәа шәзыршоит, анхарҭа бзиақәа шәырҭоит ҳәа рарҳәон. Агәрамгара аазырԥшуаз, ажәа раҭазкуаз иахьдырхәуан, имцар ада ԥсыхәа рмоуа аус иақәдыршәон", - еиҭеиҳәоит саб.

Мгәыӡырхәа ақыҭа амшын аԥшҳәа иаԥнуп. Убри аҟнытә, ари ақыҭанхацәа рықәгара маншәалан. Агаҿа иааиуаз аӷбақәа ианрықәыртәаны, амшын Еиқәа ааиҩшаны, атәым дгьыл ахь иргон.

Саб иабду Ҭапагә 34 шықәса шихыҵуаз, амалуаа рҳәатәы дахьацымныҟәаз аҟнытә дҭадырхоит. Уи аамҭазы иара ихылҵхьан ҩыџьа аԥҳацәа, иԥазаҵә Спардан мгәарҭа дыҟан. Саб еиҭеиҳәаз абарҭ аҭоурыхқәа ахьиаҳаз 114 шықәса нызҵаз иабду иашьа Пас иҟнытә ауп.

Мчыла зыԥсадгьыл иахырцо есымша ахынҳәра дашьҭоуп

Ҭырқәтәла инхо сҩыза Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа мчыбжьык аԥхьа Қьефқьен амҳаџьырра иахнагаз ргәалашәара аҳаҭыр азы азеиҭынҵлақәа еиҭаҳахоит анылҳәа, аинтерес сыман избан азеиҭын ҳәа. Излеилыскааз ала, ари аҵла Ҭырқәтәыла ҳаҭыр ақәуп, иарбан ҭаацәаразаалакгьы ршьыжьхьа азеиҭын ада имҩасуам.

Амҳаџьырра иахнагаз саб ишьҭра рҟынтә исаҳахьан, уахь ианнанага ашоура бааԥсы шыҟаз, адгьылқәа еиҟәыҩрны ишцоз, ахыҵакырҭа шрымамыз. Убасҟан раԥхьатәи ацхыраара рызҭаз аҭыԥантәи аҭырқәцәа шракәыз.

Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа илҳәеит арҭ азеиҭынҵлақәа аҽаҩра урҭо ианалагалак Қьефқьен акәша-мыкәша инхо уи ахархәаразы азин шрырҭо, уи алагьы, Аԥснытәи ахҵәацәа рыцҳашьаны ирыцхрааз урҭ рабдуцәа иҭабуп ҳәа шрарҳәо. Сара сыхьӡалагьы наҟ-наҟ ԥшӡала иҭаргалалааит сҳәоит.

Қьефқьен сара изныкымкәа саҭаахьеит. Саб иажәабжь излаҳәоз ала аҭыԥ ишьҭра ахьӡхыҵыз даара еиԥшын. Раԥхьаӡакәны уахь саннеи, шьапыла зехьынџьара сныҟәеит. Издыруада сабдуцәа рышьҭа сықәгылазаргьы.

Амҳаџьыраа ргәалашәара лаҵара 21 аҽны, ҩаԥхьа сгәы иҭоуп Қьефқьен аҭаара. Убасҟан сыҵлақәа снапала ӡык рыҵысҭәап.