Акоронавирус 15-ҩык ирыдбалоуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13072-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12520-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 205-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 181-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 15-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Хәажәкыра 14 рзы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы иԥсҭазаара далҵит 82 шықәса зхыҵуаз апациент. Иара изышьақәыргылаз аклиникатә диагноз - акоронавирустә инфекциа ҿыци ахәышәтәырҭанҭыҵтә полисегментартә гәыҵәкра. Иара убас иара ицәа иалан ахроникатә чымазарақәа.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 38-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп быжьҩык, ибжьаратәуп - 22-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 15-ҩык апациентцәа, Очамчыра дырхәышәтәуеит аӡәы, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>