Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Иемени рыцҳаражәҳәаҩцәа аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аԥсылман Республика Иемени рыцҳаражәҳәаҩцәа хәажәкыра 15 рзы Дамаск еиԥылеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Дамск диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Иементәи аԥсылмантә республика ацҳаражәҳәаҩ Абдулла Али Сабри. Sputnik абри атәы азааицҳаит Баграт Хәытаба.

Ацҳаражәҳәаҩцәа алацәажәеит Аԥсни Иемени рыбжьара аусеицура азҵаара, ргәаанагарақәа еимырдеит, ирҳәеит аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара шхымԥадатәиу.

Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Иемени рыцҳаражәҳәаҩцәа аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Иементәи аԥсылмантә республика ацҳаражәҳәаҩ Абдулла Али Сабри имаҵзура дахьахагылаз идиныҳәалеит, Аԥсны даҭаарц ааԥхьара ииҭеит, Шьамтәыла ажәлар аизҳазыӷьара рзеиӷьеишьеит.

Аиԥылара иалахәын Иемен ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ Иасер Аль Мухальльаль, Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ Мухаммад Али, Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ицхырааҩ Кутеиба Хасан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: