Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габниаԥҳа Хәажәкыра иазкны

Ишԥазгәарҭо Хәажәкыра иахьа, иарбан ҿыцрақәоу ари атрадициа аамҭа иаланагалаз, ишԥазгәарҭоз жәытәла иара, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит афольклорист, аетнолог, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Цира Габниаԥҳа.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габниаԥҳа Хәажәкыра иазкны

"Хәажәкыра ааԥынтәи амзақәа раԥхьатәи амзаҿа аныҩагыло иааиуа ашәахьа ауха имҩаԥырго ныҳәоуп. Избан хәажәкыра? Избанзар, ахәажә кны иныҳәон. Иахьа ҩыла аныҳәарақәа ҳамами, аха ажәытәан ачаӷьа кны ауп ишныҳәоз. Ахәажә - ари аҵиаа, Аԥсны аҿиара зауз, ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәаӡа игылоу, ԥсра зқәым, имажәуа акәны иҟоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Габниаԥҳа.

Аетнолог арадиоефир аҿы илҳәеит ахәажәқәа шыҟарҵо атәы, уи знапы ианырҵоз, насгьы аныҳәа ауха аҿыр рразҟы шеилыркаауаз атәы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: