"Амра-банк" аофисцҵа дақәлеит ҳәа агәҩара ззыҟоу аӡә даанкылоуп

"Амра-Банк" аҟәатәи аофисцҵа аҟны арҳәра ҟалеит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы. Ԥшьҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абанк иҩналеит. Миллионк инеиҳаны аԥара дәылыргеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи амилициеи дааныркылеит "Амра-банк" аофисцҵа иақәлаз дреиуан ҳәа агәҩара ззыҟоу Алхас Кәыҵниа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

1983 шықәса рзы ииз Кәыҵниа даанкылан хәажәкыра 13 рзы аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа раан. Иара ауаҩԥсы аамҭалатәи иԥхьакырҭахь днаган. Аусҭҵаара-оперативтә усурақәа мҩаԥысуеит егьырҭ ацәгьоуцәа раанкыларазы.

"Амра-банк" аофисцҵа дақәлеит ҳәа агәҩара ззыҟоу аӡә даанкылоуп

"Амра-Банк" аҟәатәи аофисцҵаҟны арҳәра ҟалеит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы. Ԥшьҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абанк иҩналеит. 1 021 156 мааҭ аԥара дәылыргеит.

Аҟәа абанк иақәлан идырҳәит

Абанк ахьчаҩи ақәылацәеи рыбжьара аиҿахысра ҟалеит, убри аан ацәгьоуцәа автомашьына "Ford Galaxy" ала ибналеит. Аамҭақәак рышьҭахь амашьына амца аркын Арратә мҩаҿы.

Абри ахҭыс аганахьала Аҟәа ақалақь ААР хәажәкыра 10 рзы аусҭҵаара хацнаркит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 159 ахәҭа 4 апункт "б" (акыр идуу амазара ахатәтәра хықәкыс иҟаҵаны ақәылара), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2 (абџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа раахәара, аӡәы иҭара, аҭира, аҵәахра, амҩангара ма аныҟәгара, гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәаны иҟарҵаз) инарықәыршәаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: