Арадио

Аԥшьлааԥҳа еиҭалҳәеит Урыстәылатәи адипломатиатә академиа аҭаларазы аицлабра атәы

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Урыстәылатәи адипломатиатә академиа иҭаларц зҭаху рҟынтә адокументқәа рыдкылара иалагеит. Аԥышәарақәеи ртәи, алԥшааратә конкурс атәи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Милана Аԥшьлааԥҳа.
Sputnik
Аԥшьлааԥҳа еиҭалҳәеит Урыстәылатәи адипломатиатә академиа аҭаларазы аицлабра атәы

"Аквотатә ҭыԥқәа зынӡа хәба ыҟоуп. Аицлабраҿы рхы аладырхәыр рылшоит еиуеиԥшым атәылауаа рхаҭарнакцәа. Аҭаларатә ԥышәарақәа рҿы ироуз абаллқәа инарықәыршәаны еилкаахоит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу адипломатиатә академиахь иҭалаз. Аицлабратә гәаҭарақәа раԥхьатәи аетап еиҿкаахоит еиҿцәажәарылеи аҭаларатә ԥышәарақәа рылеи. Абарҭ аетапқәа ирхысны, анаҩс адипломатиатә академиахь ииагахо ирхысроуп даҽа гәаҭарак, урҭ рҿы аԥыжәара зауз иоуп анаҩс урыстәылатәи аҵараиурҭа иахыԥхьаӡалахо", - ҳәа еиҭалҳәеит Аԥшьлааԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.