Ажәлар зегьы анеицгәынқьуа: Гаграа Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит

Хәажәкыра 15-16 рзы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иргәаладыршәоит Марттәи ажәылараан иҭахаз аҵеицәа.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Иахьа, хәажәкыра 16 рзы Гагра ақалақь Аиааира ашҭаҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи аибашьраҟны иҭахаз аҵеицәеи рбаҟақәа рҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, араион ахадара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, астудентцәеи, ауаажәларреи.

Ҳаҟанаҵ, иаҳхашҭран ҳаҟаӡам: Марттәи ажәылараан иҭахаз ҳаибашьцәа ргәаларшәаразы

Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара аԥсуа ҭаацәарақәа жәпакы агәырҩа цәгьа рзаанагеит, дазусҭазаалак игәы кылнаҵәеит.

"Аибашьраан иҳацәҭахоз зегьы, ари сара дысҭынхам, ма дсыжәлантәым ҳәа аӡәгьы иҳәомызт, зегьы шьала-дала иаҳзааигәаз реиԥш игәнаҳгон. Убасҟан иҳамаз аидгылареи аӡәкреи роуп ҳиааирагьы зыбзоурахаз. Аибашьра иалаӡаз рыԥсы ҳакәыхшоуп, ахаан рыхьӡ кашәара ақәымзааит", - рҳәон зыҷкәынцәа ҭахаз анацәа.

Ажәлар зегьы анеицгәынқьуа: Гаграа Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит

Гагратәи арԥыс, абиԥазаҵә Гиви Аиба 23 шықәса ракәын ихыҵуаз ари ажәылара хлымӡаах аҿы данҭахоз. Иара аҩнынтәи дандәылҵуаз "арҭ ацаԥхақәа ара иҟаз" ҳәа аишәа ианықәиҵа, иан рыцҳа лцәа иалашәеит бзиарак ишазҳәамыз. Ус иагьыҟалеит. Аибашьра ашьҭахь Аираа рҭаацәа арратә комиссариат аҟнытә рԥа изы аррахь дшаарыԥхьо ақьаад ааргеит. Усҟан аб Иури Аиба, аруаҩ иԥа имаҭәа ахьеиныз днаганы "абар дахьыҟоу, ухала иҭ" ҳәа иаиҳәазаап. Ари арыцҳаратә хҭыс аҭаацәа еиҳагьы ргәы шкылнаҵәаз иахьагьы ирхашҭуам иан лҩызцәа...

Жәабран 27, 1993 шықәсазы, Вадим Дбар иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи имшира, ҩымчыбжь рышьҭахь, хәажәкыра 14 рзы, Вадим Дбар иҭаацәа "ҩаԥхьа ҳаиқәшәаранӡа" - ҳәа нараҳәаны, ашҭа дынҭыҵит. Аха минуҭқәак рышьҭахь, ихашҭыз ҟалан днагьежьит. Ианакәзаалак амҩа уанықәло ухынҳәыр, ажәлар разгәаҭарақәа рыла абзиара иатәым. Ус иагьыҟалеит. Вадим уаҳа иҭаацәа рахь дыхнымҳәит...

Иахьа Гагра еизаз зегьы акалашәа ргәы ԥшаауан. Ашәҭшьҭаҵара ианнеиуаз рылаӷырӡ рзынкыломызт.

Ахлымӡаах иалаԥшыз: Марттәи ажәылараан иҭахаз рыԥсыбаҩ ыҵызхуаз ргәалашәарақәа

Алахьеиқәҵаратә митинг аҿы ажәахә ҟазҵоз, Марттәи ажәылараан аӷа иҭаирхаз ҳаибашьцәа Аҟәа ахәшәтәырҭа авара ижыз рыԥсыҵхра иалахәыз Белла Барцыцԥҳа лгәалашәарақәа рыла шьҭахьҟа ихьалырԥшыз ауаа гәынқьуан.

Хәажәкыратәи ажәылараан иҭахеит 222-а, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит, шәҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит.

Ашәҭшьҭаҵара иалахәыз ауаа анеидыҵуаз, ҩаԥхьа идышшылозшәа рнапқәа рҟәаҟәа иқәыршьуан, ԥхьаҟа ԥеиԥш лашак ишақәгәыӷуазгьы рыла ихубаалон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: