Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус рыдырбалеит 34-ҩык ауааԥсыра

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13121-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12560-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 205-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 261-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 34-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 40-ҩык, урҭ рахьтә 24-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп жәҩык, ибжьаратәуп - 16-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 16-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит хҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - аӡәы, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - жәаҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>