Какәыбаа еиҭеиҳәеит аԥкрақәа раан гәылрыԥшьтәи аспорттә комплекс аусура шеиҿкаау
© Sputnik
"Амассатә усмҩаԥгатәқәа иахьа уажәраанӡа имҩаԥаҳамгацт. Уажәы мчыбжьык ахь хынтә, иара уигьы ахәыҷқәа еиҟәшаны, бжа-бжала, имҩаԥаагоит асекциақәа русура. Зны-зынла иҳамоу аспортсменцәа ҳзықәгәыӷуа, ачемпионцәагьы уахь иналаҵаны, рформа дмырӡырц азы Урыстәылаҟа ианаҳашьҭуаз ыҟоуп. Ҳусура зегьы аҭаацәа ақәыршаҳаҭны ауп ишымҩаԥааго. Ахәыҷқәа рҽазыҟарымҵалар, рформа рцәыӡуеит, ахәыҷы икапан иԥсахуеит. Убри аҟнытә ԥсыхәа ахьынӡамоу ҳҽазыҟаҳҵоит, зны-зынла Урыстәылагьы ицалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какәыбаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.