Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аӡыршә ақәыргылараз аусурақәа шцо гәеиҭеит ахада

Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә ақәыргылараз аусурақәа ирылагеит сынтәа, ажьырныҳәамзазы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа днеины ибеит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аҟәатәи ашҭақәа руак аҿы аӡыршә ақәыргыларазы аусурақәа шымҩаԥысуа. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Аҟәа ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара" адиректор Саид Кәыр-иԥа ишиҳәо ала аусурақәа мызк аҩныҵҟа ихыркәшахоит.

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рзы аицлабра аартын 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы. Азыҳәақәа рыдкылара хыркәшан 2020 шықәса ԥхынҷкәын 10 рзы.

Арзаҳалқәа рыдкылара анхыркәшаха ашьҭахь иаарту аиндаҭлара амҩаԥгаразы аусутә гәыԥ анапы ианҵан 2021 шықәса ажьырныҳәа 25 рзы апроекттә усурақәа рыдкылара хдыркәшарц.

Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭкомиссиа хәажәкыра 3 рзы реилатәараҿы х-проектк алыркааит жәаба рҟынтәи. Урҭ аҩбатәи атур ахь инеиит.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 рзы. 2005 шықәса рзы иара Аԥсны ахадас далхын, 2009 шықәсазы – деиҭалхын. Иԥсҭазаара далҵит лаҵара 29, 2011 шықәса рзы.