Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аштаттә режим ала апациентцәа аднакыло иалагоит

2020 шықәса хәажәкырамзазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа ковид-госпитальны иҟарҵеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аштаттә режим ала апациентцәа аднакыло иалагоит мшаԥымза инаркны ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Ангелина Оҭырԥҳа.

Аҵәыҵәри астанциа Гәдоуҭатәи аковидтә центр аҿы ишьақәдыргылеит

"Ҳара иҳагәҭакуп аштаттә режим ала мшаԥымза инаркны ауаа рыдкылара ҳалагарц. Убри азы ахәышәтәырҭа акорпус хада ҭарцәтәхоит. Уи ашьҭахь ара зегь арзҩыдара иахҳажьуеит, аусура иазҳархиоит. Аҿкырачымазаратә блок ҟәшак аҳасаб ала аус аулоит. Аусура аграфик макьаназ ишьақәыргылам", - ҳәа лҳәеит Оҭырԥҳа.

2020 шықәса хәажәкырамзазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа ковид-госпитальны иҟарҵеит.

Хәажәкыра 15 азтәи аоперштаб адыррақәа рыла Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 38-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп быжьҩык, ибжьаратәуп - 22-ҩык.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13121-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12560-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 205-ҩык.