Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Пакистани рыцҳаражәҳәаҩцәа Дамаск еиԥылеит

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартын 2020 шықәса жьҭаарамзазы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Дамаск диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсылмантә Республика Пакистан ацҳаражәҳәаҩ Саид Мухаммад Хан. Абри атәы аанацҳауеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа.

Аԥсни Пакистани рыцҳаражәҳәаҩцәа агәыӷра аадырԥшит ҩ-ганктәи аусеицура аҿиара аиуп ҳәа.

Саид Мухаммад Хан иазгәеиҭеит 2021 шықәса мшаԥымзазы аҽазныкгьы Баграт Хәытаба диԥылар шиҭаху. Адипломатцәа аҳамҭақәа еимырдеит.

Уаанӡа аацҳамҭа ыҟан Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Иемени рыцҳаражәҳәаҩцәа аиԥылара рыман ҳәа Дамаск.

Шьамтәылатәи Арабтә республикеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рхьыԥшымрақәа шеицазхарҵои адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵои рзы аҳәамҭа ҟарҵеит 2018 шықәса лаҵара 25 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: