Аҟәа Валериан Кобахьиа ихьӡ зху абаҳчахәыҷ ҟалоит

Хәажәкыра 17 рзы имҩаԥысит Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа реилатәара. Адепутатцәа алацәажәеит амҩақәа рыхьӡ аиҭакреи, абаҳчахәыҷ аполитикатә усзуҩ ихьӡ ахҵареи рызҵаара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа аӡбра рыдыркылеит уаанӡатәи Аминистрцәа Рсовет ахьыҟаз ахыбра аҿаԥхьатәи абаҳчахәыҷ (Аидгылара амҩа) Валериан Кобахьиа ихьӡ ахызарц.

Ақалақь ахада Беслан Ешба иазгәеиҭеит Кобахьиа иҭаацәа ԥхьаҟазы дара рхарџь ала ара ибаҟа ақәыргылара ргәы ишҭо. Абаҟа ахьықәыргылахо аҭыԥ Амонументалтә ҟазаразы акомиссиа иалнахуеит.

Ақалақьтә еизара адепутатцәа бжьеицҿакла ари аӡбра рыдыркылеит.

Валериан Кобахьиа – аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ. 1958 шықәса раахыс Аԥснытәи АССР араионтә Совет анагӡаратә еилакы ахантәаҩыс дыҟан, 1962 шықәса рынахыс – Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Гәдоуҭатәи араионтә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩ.

1965 – 1975 шықәсқәа рзы – Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Аԥснытәи аобласттә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩ, 1975- 1978 шықәсқәа рзы – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум амаӡаныҟәгаҩ. 1978-1990 шықәсқәа рзы – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум ахантәаҩы. Нанҳәа 25, 1990 шықәсазы Апарламент аиҳабык иҳасабала инапы аҵеиҩит Аԥсны аҳәынҭқарратә суверинитет азы Адекларациа.

Кобахьиа иԥсҭазаара далҵит рашәара 28, 1992 шықәсазы.

Аилатәараҿы иара убасгьы иалацәажәан Араион ҿыц аҿы амҩа Севернаиа ахьӡ ԥсахны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Дмитри Гамгьиа ихьӡ ахҵазарц. Ари азҵаара алацәажәара иааиуа аилатәарахь ииаргеит.