Ақалақьтә еизара ишьақәнарӷәӷәеит ақалақь амҩақәа рҿы аныҟәара асхема аиҭакра аплан

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәара мҩаԥысит хәажәкыра 17 рзы. Арӡынба, Жәанба, Академик Марр, Воронов, Ҷытанаа рымҩақәа рҿы аныҟәара асхема аԥсахра мҩаԥгахоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Академик Марр имҩеи Жәанба имҩеи рҿы аныҟәарақәа ганкымацаратәхоит ҳәа Ақалақьтә еизара адепутатцәа ирзеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь амҩатә ныҟәара аиҿкаареи атранспорт анапхгараҭареи рзы адепартамент аиҳабы Ҭимур Абгаџь.

Аамҭалатәи аремонт: аҟәатәи амҩақәа фба рҿы ажрақәа акаҭран рҭадырҭәоит

"Академик Марр имҩаҟынтәи Арӡынба имҩахь иазыԥхьагәаҭоуп ганкымацаратәи аныҟәара. Ара амҩа ҭшәоуп, арымарахь ала аӡыҷҷа ииасуеит. Аиҩсра уадаҩуп, амашьынаргыларҭа акәзар зынӡа иҟаӡам. Жәанба имҩаҿ акәзар, Аминистрцәа реилазаара ахԥатәи акорпус ахьгылоу, Аиааира амҩаҟынтә Лакоба имҩаҟынӡа атранспорт даара ирацәоуп, ареспубликатә мҩахьы акылсра уадаҩуп", - иҳәеит иара.

Иара убасгьы Ҷыҭанаа имҩаҿы, асасааирҭа "Леон" ааигәара ашлагбаум ргылахоит.

"Леон" аҟынтәи ашьаҟамҩа иалагоит. Уа инхо ауааԥсыреи аусуҩцәеи рнеира алыршахоит ачипқәа рыла. Лакоба имҩа аҟынтәи амҩа аркхоит", - иҳәеит Абгаџь.

Аҳҭнықалақь амҩатә ныҟәара аиҿкаареи атранспорт анапхгараҭареи рзы адепартамент аиҳабы Ҭимур Абгаџь иажәақәа рыла аиҭакрақәа ирыҵаркуеит амҩақәа Арӡынба – Воронова реихысырҭагьы.

"Аибашьра ҟалаанӡа ари амҩеихдаҟынтә ладаҟа аныҟәара аанкылан, 1993 шықәса рзоуп ианаадырт. Сынтәа ихыркәшахоит апарк "Алакә" аиҿкаара. Аикәыршаратә ныҟәара еиҿкаахоит", - иҳәеит иара.

Атранспорттә ныҟәара асхема аиҭакра аԥхынтәи атуристтә сезон аҟынӡа еиҿкаатәуп.