Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Хьециа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусура иазкны

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аколлегиаҿы иазгәаҭаз аихьӡарақәеи аиҵахарқәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит уи ахантәаҩы Оҭар Хьециа.
Sputnik

2020 ашықәсазы аҳазалхратә усбарҭа аҳәынҭқарратә биуџьеҭ иаланагалеит миллиардки 896 миллион мааҭ ашәахтәқәа, уи 2019-тәи ашықәс иаҿурԥшуазар, 19 миллион бжаки рыла еиҳауп, иҳәеит арадиоефир аҿы Оҭар Хьециа.

Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы еиҭеиҳәеит абаӷәазала атәылаҟа иаарго, мамзаргьы ирго атауарқәа ртәы, иара убас дазааҭгылеит Ԥсоу аҳәааҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.