Гал аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа ишырзыҟаҵоу иалацәажәеит

Иахьатәи аамҭазы Гал араион аҿы 900-ҩык абжьыҭара азин рымоуп, алхрақәа мҩаԥгахоит 11 алхырҭатә округ рҿы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Гал араион ахадараҿы 2021 шықәса мшаԥы 11 рзы имҩаԥысраны иҟоу аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа ишырзыҟаҵоу иалацәажәеит. Аԥсны ахада ихаҭарнакцәеи, араион алхратә комиссиеи, ақыҭақәа рхадацәеи еиԥылеит ҳәа аанацҳауеит араион ахадара.

Аиԥылара алахәылацәа алхрақәа маншәаланы имҩаԥысырц азы ргәаанагарақәа рҳәеит, ажәалагалақәа ҟарҵеит.

Гал аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа ишырзыҟаҵоу иалацәажәеит

Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа иҳәеит алхрақәа араионқәа зегьы рзы аҵакы шрымоу, аха Гал араион азы еиҳагьы ишҷыдоу избанзар ара 2009 шықәса раахыс урҭ шымҩаԥымсыц.

"Аԥсны атәылауаа рхақәиҭреи рзини атәыла Аконституциа ианыԥшуеит. Дарбанызаалак ҳтәылауаҩ, идинхаҵара, имилаҭра, идунеихәаԥшышьа ирыҿмырԥшыкәа атәылаз хра имоуп. Ҳара Аԥсны иқәынхо зегьы рзы абзиара алҳаршалароуп. Агәра згоит ҳаидгыланы, профессионалла ҳус ҳазнеины еиуеиԥшым ахырхарҭақәа зегьы рҟны аҭагылазаашьа ҳарманшәалап ҳәа" - иҳәеит Қаџьаиа.

Аџьынџьал иҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа раан иалагалоу аԥсахрақәа

Гал араион ахада Константин Ԥлиа иазгәеиҭеит алхрақәа рҵакы шдуу, иҳәеит араион аԥсҭазаара аҭышәынтәалара ишазыхынҳәуа.

Аиԥылара алахәылацәа азааҭгыланы ирылацәажәеит алхрақәа рымҩаԥгашьа аԥҟарақәеи аспектқәеи. Ирзааҭгылан иҟоу асиақәа, анаԥшыҩцәа реилазаара.

Иахьазы Гал ашәҟәы иҭаргалахьеит аԥшьгаратә гәыԥқәа фба акандидатцәа рықәыргыларазы.

Гал араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Игор Амҷба Sputnik иазеиҭеиҳәеит 900-ҩык ауаа абжьыҭара азин шрымоу. Убри инадҳәаланы ишыӡбоу адепутатцәа рхыԥхьаӡара жәеизаҩык ҳәа ишьақәыргылазарц. Аконституциа уи азин ҟанаҵоит. Ақыҭақәа рҿы иҟалоит алхырҭатә округқәа фба, ақалақь аҿы – хәба.