Аихамҩатә кредит азы Аԥсны ауал ашәашьа иалацәажәеит Урыстәыла афинансқәа рминистрраҿы

Аамҭала Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо, афинансқәа рминистр Владимир Делба усутә визитла Москва даҭаан дыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Владимир Делба диԥылеит Урыстәыла афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Тимур Максимов, аиԥылараан ҩганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Аԥсны аихамҩа аиҭашьақәыргылареи арҿиареи хықәкыс иҟаҵаны, аиԥылара тема хадас иаман атәыла Аиҳабыра аҳәынҭқарратә експорттә кредит аҭаразы ԥхынҷкәын 24 2010 шықәсазтәи аурыс-аԥсуа еиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрала ауал ареструктуризациа.

Аиԥылара алҵшәақәа рыла, аԥсуа ган иҟанаҵаз аҳәара шьаҭас иҟаҵаны, еиқәшаҳаҭхеит аҩганк ирзыфеидахартә еиԥш ари азҵаара шьаҿа-шьаҿала аӡбаразы ажәалагалақәа разырхиара.

Аԥсны аҳәынҭқарратә експорттә кредит аҭаразы аурыс-аԥсуа еиқәшаҳаҭра нап аҵаҩын 2010 шықәсазы. 2012 шықәсазы иалагалаз аиҭакрақәа ҳасаб рзуны, Аԥсны аихамҩа аиҭашьақәыргылареи арҿиареи рзы иаҭан ҩ-миллиард мааҭ иҟаз аҳәынҭқарратә експорттә кредит. Акредит ахархәара хыркәшахеит 2013 шықәсазы.

Аихамҩатә кредит ашәара аҿҳәара иацҵоуп

Аԥсны акредит ала 2017 шықәса хәажәкырамзанӡа иашәеит 556,8 миллион мааҭ. Ауал иацәынхеит 1,7 миллиард мааҭ. 2017 шықәса ажьырныҳәамзазы Аԥсны изаамҭанытәиз ауалшәара мҩаԥнамгаӡеит, убри иалҵшәаны 131, 5 миллион мааҭ ауалқәха ҿҳәарахыԥа шьақәгылеит.

2017 шықәса абҵарамзазы Афедерациа Ахеилак аратификациа азнауит аиқәшаҳаҭрахь аԥкаанҵа, уи инақәыршәаны, ауал арцәара аҿҳәара фышықәса ҳәа иацҵахоит - акредит ахыркәшара 2023 шықәсаҟынтәи 2029 шықәсахьы ииасуеит, убри аан есышықәса иршәо аԥара 368 миллион мааҭ рҟынтәи 143 миллион мааҭ рҟынӡа илеиуеит.