Зцәа акоронавирус алаз даҽа пациентк лыԥсҭазаара далҵит Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13219-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12650-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 209-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 121-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 12-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гагратәи араионтә хәышәтәырҭаҿы хәажәкыра 20 рзы лыԥсҭазаара далҵит 1925 шықәсазы ииз апациентка. Лара илыдбалан акоронавирустә инфекциа ҿыци ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 33-ҩык, урҭ рахьтә 16-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 17-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 23-а апациентцәа, рҭагылазаашьа бааԥсуп ф-ҩык, Очамчыра ирхәышәтәуеит аҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы ачымазцәа шьҭаӡам.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>