Аԥснытәи аспортсмен зых иақәиҭу ақәԥараз атурнир аҟны аиааира игеит

Ақәыԥшцәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥараз Урыстәыла Ацентртә федералтә округ атурнир мҩаԥысуан Брианск, хәажәкыра 18-20 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik. Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсуа спортсмен Мараҭ Кокосқьериа аиааира игеит ақәыԥшцәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥараз Урыстәыла Ацентртә федералтә округ атурнир аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аилак аофициалтә саит.

19 шықәса ирҭагылоу аԥсуа қәԥаҩы дықәгылон 70 кьыла иҟаз, 21 шықәса зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара.

Мараҭ ииааира ашьҭахь имоуп алшара ақәыԥшцәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥараз Урыстәылазегьтәи ачемпионат аҽалархәра, иара мҩаԥгахоит мшаԥымза 8-12 рзы, Иркутск.

Мараҭ Кокосқьериа- Аԥсны ачемпион, ареспубликатәи, Урыстәылазегьтәи, жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа аиааиҩы, зых иақәиҭу ақәԥараз  аиндаҭларақәа жәпакы аԥхьахәқәеи ахраҿақәеи игахьеит.

Аԥсуа спортсмен Марат Кокосқьериа, Аԥсны дазыҟаиҵон Дауҭ Лазба. Иахьазы иара азыҟаҵаҩ Ислам Калаев инапхарала ЦСКА аспорттә клуб аҿы аҽазыҟаҵарақәа дырхысуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: