Краснодартәи атәылаҿацә аҿы асыԥса леир ҟалоит ҳәа алаҳәара ҟарҵеит

Урыстәыла аҭагылазаашьақәа ҷыдақәа рзы аминистрра аспециалистцәа алаҳәара ҟарҵеит асыԥса алеиразы ашәарҭара ыҟоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik. Хәажәкыра 21 инаркны 24-нӡа асыԥса алеиразы ашәарҭара ыҟоуп Краснодартәи атәылаҿацә зегьы аҿы, Шәача ақалақь аҿы ада, абри атәы аанацҳауеит арегионалтә АҶА.

Ашәарҭара ыҟоуп ашьхараҿы ҩнызқь метра аҳаракыраҟны.

Аиқәырхаҩцәа ақалақьуааи асасцәеи ирабжьыргоит рхы гәарҭаларц, ашьхаҟа ацара зыгәҭаку, уи мап ацәыркразы.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы асыԥса алеиразы ашәарҭара ыҟазаауеит хәажәкырамза нҵәаанӡа.

Аҭагылазаашьа ҷыда аҭагылазаашьазы аҭел 101 ала иасыр рылшоит, ҳәа аҳәоит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АҶА аусбарҭа.