Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аҭоурыхҭҵааҩ Нарҭааи қарҭааи ирызкны

Аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Нарҭааи қарҭааи ирыбжьаз аимадара атәы, насгьы "қарҭ" ажәа ахыҵхырҭа атәы.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аҭоурыхҭҵааҩ Нарҭааи қарҭааи ирызкны

Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба Аԥсны анҭыҵ иҟоу аԥсуаа рфольклортә-етнологиатә нҵамҭақәа еидызкыло ишәҟәаҿы иануп: "Нарҭааи қарҭааи еигәылацәан, Нарҭаа қарҭаа цҳак рыбжьан" ҳәа. Ари ажәеидҳәала шеилкаатәу атәы дазааҭгылеит аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба.

"Ақырҭуаа анаҳҳәо – Қарҭ инхо ауаа ауп, нас ауп атопоним ахь ианиас. Академик Марр иҩхьан: ақырҭуаа рхатә тәыла ахьыӡ Қарҭлиа ахьынтәиаауа аԥсуа ахьӡ аҟынтә ауп ҳәа. Ақырҭуа – ақа инхо ауаа. Уи раԥхьа игеографиатә ҭыԥын. Қарҭ иҟан ахәы, уа абаа ыҟан, иара иахьӡан Қарҭ. Қарҭ иара ахьыӡҵәҟьа зтәу - ачеченцәа, аингушцәа рбызшәаҟнытә ауп иахьаауа. Раԥхьаҵәҟьа қарҭаа ҳәа ззырҳәозҵәҟьа дара уажәтәи ақырҭцәа ракәмызт, уаанӡа инхоз ауаа ракәын. Ажәытәан уа инхон аваинахцәа, ажәытәӡатәи ачеченцәеи аингушцәеи ирыҵкарыз ажәларқәа ракәын", – ҳәа еиҭеиҳәеит Гәымба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.