Арадио

Џьопуа Аҟәа араион аҿы акандидатцәа ашәҟәы рҭагаларазы: активра аадырԥшит

Мшаԥы 11 рзы имҩаԥысран иҟоу аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа алхрақәа рахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара аус шхыркәшахаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Беслан Џьопуа.
Sputnik
Џьопуа Аҟәа араион аҿы акандидатцәа ашәҟәы рҭагаларазы: активра аадырԥшит

"Аизарахь инеироуп 15-ҩык адепутатцәа, ашәҟәы рыҽҭаргалеит 24-ҩык. Ашәҟәқәа рыдкылара ашьҭахь иҳамоуп жәамш, дара зегьы иалырҵаз анапынҵақәа ргәаҭаразы. Ашәахьа, хәажәкырамза 22 инаркны уи аус хацыркхоит. Алхрақәа рымҩаԥгаразы зегьы рыла ҳаиқәшәоуп, урҭ реиҿкааразы макьана аамҭагьы ҳамоуп. Алхҩцәа рхы шымҩаԥырго макьана иҳаздырым, аха акандидатцәа иаадырԥшыз активрала дара урҭгьы рацәахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Акандидатцәа рықәра бжьаратәла 30 шықәса ыҟоуп, дыҟоуп кандидатк 70 шықәса зхыҵуа, иҟоуп ҩыџьа 60 шықәса ирҭагылоу", -  еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.